Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда ааныркылеит

Аҵәахырҭа ҷыдала аҳәаа иахыргоз аалыҵ аԥшаара иахәеит акинологиатә ҟәша иатәу австралиатәи аовчарка.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟала шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа изныкымкәа иаԥдырҟәҟәааит Аԥснынтәи аҳәаа иахыргоз азакәаншьаҭа змамыз аҭаҭын аалыҵ.

Аҵәахырҭа ҷыдала аҳәаа иахыргоз аалыҵ аԥшаара иахәеит акинологиатә ҟәша иатәу австралиатәи аовчарка ҳәа аанацҳауеит аҳазалхырҭа асаит.

Австралиатәи аовчарка Нуар Солеиль "акоридор иаҵәа" ала имҩасуаз аԥҳәыс иакәым ак лымоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уи лгәаҭараан илыдырбалеит лкьаҿ иаҵаҵәахыз 110 ҭоԥ асигарет.

Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда ааныркылеит

Иара убри амш аҽны абри ала ацхыраарала даанкылан аҽа ԥҳәыскгьы. Уигьы илыдбалан ашәҟәы иҭалымгалаз 10 ҭоԥк асигарет (100 пачкак).

Иара убасгьы иаанкылан ҩыџьа ахацәеи ҩыџьа аҳәсеи. Аҭаҭын аалыҵ аҳәаа иахыргон Шәача ақалақь аҿы аҭиразы. Атауар аанкыланы аекспертизахьы инашьҭын.

2020 шықәса иаалагазар, Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә ҳәаа изакәаным атауар ахыргоит ҳәа иааныркылаз ауаа рганахь ала ихацыркуп 107 усеилыргара, урҭ рҟынтәи 22 аҭҭын аалыҵ аҳәаа закәаншьаҭада ахыгаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: