Арепатриациа

Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

Шьамтəылантəи шықəсқəак раԥхьа зҭаацəа зманы Аҧсныҟа нхара ҳəа иааз аинрал-аҧырҩы Бырзаџь Маршьан иҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Гəылрыԥшь араион Агəыӡера аҳаблаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Бырзаџь Баҭыр-иԥа Маршьан фышықəса ҵуеит иҭаацəа иманы Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара дааижьҭеи. Ҩыџьа арԥарцəеи ҩыџьа аҭыԥҳацəеи драбуп. Бырзаџь Маршьан Аԥсны даан дшыҟаз саҳахьан, аха лабҿаба ҳаибабаны ҳаицəажəартə еиԥш аҭагылазаашьа смоуцызт. Иара иашьа иԥа Џьолан Маршьан изкны анҵамҭа ансырхиоз, Џьолан исеиҳəеит: "Саб иашьцəа Аԥсны инхоит, руаӡəк деинралуп", - ҳəа. Аха, зегьы ҿҳəарак-ҿҳəарак рымазар акəхап, ҳаиқəшəарагьы ааигəоуп ианалыршахаз.

Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

Агəыӡера аҳаблаҿы ҷыдала аҳəаанырцəынтəи нхара ҳəа ихынҳəыз ҳџьынџьуаа рынхашьа-рынҵышьа збап ҳəа гəҭакыс иҟаҵаны ааигəа ҭаацəарақəак сасра сырҭааит. Хымԥада, мышкала зегьы срылсны срацəажəартə еиԥш аамҭа смаӡаӡеит, ҩаԥхьа исыгəҭакуп уахь ацара. Уажəы сазааҭгылар сҭахуп, ҳаҭыр зқəу Бырзаџь Маршьани сареи ҳаибадырра шыҟалази, ҳаиҿцəажəареи рҟынтəи згəаҭақəак.

Аҩнеихагылаҟынтə сшылбаауаз, амардуан ала ахалара даҿын хаҵак. Абри ауаҩ ҳџьынџьуаа дыруаӡəкзар ҟалап сгəахəын, аҭамзаара шьҭаҵаны аԥсшəа наиаҳəаны сиазҵааит, аҵыхəтəаны "шəаԥсыуоума?" ҳəа нацысҵеит. "Ааи, саԥсыуоуп, с-Маршьануп", - иҳəеит аԥсышəала. Саргьы сызусҭаз наиасҳəеит. Излеилкаахаз ала, аҩныҟа ахалара даҿын. "Иҟалозар, шəҭазҩыр сҭахын, азин сышəҭоума?" - сҳəан, ихы-иҿы еихаччо даасыхəаԥшын, аҭакс ус насаҭеикит: "Шəааи аҩныҟа, бзиала шəаабеит, уаҟа ҳаицəажəап", - ҳəа.

Ауаа ирзааигәаз аинрал: Уалид Абаза- Маршьан игәаларшәара аҳаҭыр азы

Азныказы сааицəыԥхашьеит, аха гəыблыла иҭəыз иччаԥшь лаша саахнахын, сақəшаҳаҭхеит. Аҩны ашə аартны даҳԥылеит Бырзаџь Маршьан иԥшəмаԥҳəыс Лина Уанаҿаԥҳа. Гəыблыла аԥсшəа наҳалҳəан, саалгəыдлыҳəҳəалеит. Шаҟа аԥхарра, шаҟа агəыбылра рхылҵуааз Лина Уанаҿаԥҳа лнапқəа, акыраамҭа соулмыжьуа лнапқəа сыкəыршан сылкын...

Бырзаџь Маршьан Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы ар реинралс дыҟан, дԥырҩын. 40 шықəса инареиҳаны амаҵзура ихигеит, дызқəынхоз аҳəынҭқарреи ауаажəларреи рымаҵ иуит. Аха, Шьамтəыла излагаз аибашьра иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иуҳəар алшоит ари ауаҩ ҩынтə деиҭеит ҳəа. Ауаҩы аамсҭашəа, зыхшыҩзцарақəа гəылырҭəаау ҳџьынџьуаҩ аинрал Бырзаџь Маршьан ирацəоуп гəыблыла игəалаиршəоз ахҭысқəа, ажəабжьқəа.

Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

"Сара Аԥсныҟа аара сыгəҭакижьҭеи акрааҵуан, аха аҭагылазаашьа иснаҭомызт, еиҳаракгьы сусура. Ашьҭахь сгəы ачымазара иахҟьаны аԥҟара сықəшəеит, тəанчарагьы сцеит. Аԥснынтə аԥсуаа рбара еснагь ҳаиԥхыӡуан, ҳабдуцəа рыԥсадгьыл аҟны аҟазаара, анхара ҳара ҳзы игəадуроуп", - абас ҳаиҿцəара хацҳаркит Бырзаџь Маршьани сареи.

Бырзаџь Маршьан иабшьҭра Аԥснытəи Ҵабал иҭыҵқəаз иреиуоуп, Хьрыԥс-иԥацəа ирхылҵшьҭроуп. Рабацəа, рабдуцəа иртəышьҭроу Аԥсны рыԥсы аҿҳəароуп.

Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

"Шьамтəылеи Израили аидысларақəа рыбжьалаанӡа, Мумсиа-Ӷасаниа ҳəа ҩ-хьӡык змаз адыга қыҭаҿы инхоз Кавказ ажəларқəа рхаҭарнакцəа рацəаҩын, ҳаргьы аамҭаказы уа ҳанхон. Уажəы ари ақыҭа Израиль анапаҵаҟа иҟоуп. Угəы узырхьуа аҭоурыхтə хҭысқəа рацəоуп, Шьамтəыла злахьынҵа џьбара инанагаз Кавказ ажəларқəа ирхыргаз шьарда ыҟоуп", - дҳацəажəон Бырзаџь Маршьан.

Шьамтəыла инхоз аԥсуаа рахьтə иҟан афотосахьақəеи авидеонҵамҭақəеи рыла Аԥсны аӡбахə здыруаз ҳџьынџьуаа, убарҭ дыруаӡəкын Бырзаџь Маршьан. Иара излаиҳəо ала, аԥсуа шьа ахала аҽадыруеит, аԥсуа дгьыл амч ӷəӷəоуп, иаразнак лабҿаба иимбацыз Аԥсны ԥшӡа датəнатəит.

Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

"Аԥснынтə раԥхьаӡа Шьамтəыла избаз Уасил Царгəыш напхгара зиҭо Аҳəынҭқарратə ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль ауп. Усҟан аԥсуаа ҳгəырӷьара ҳəаак аманы иҟазма?! Ҳаԥсадгьыл агьама ҳзаазгаз, афҩы хаа ҳзырҳаз ҳартистцəа!" - ҳəа азгəеиҭеит хџьынџьуаҩ.

Царгəыш 40 шықәса раԥхьа Шьамтəылатәи агастрольқәа рзы: хашҭшьа рымам

Зыӡбахə ҳамоу ансамбль Бырзаџь Маршьан ҩаԥхьа дрықəшəеит Санкт-Петербург, Асовет Еидгыла ахаан, иусура аганахьала уа даныҟаз. 1981 шықəса рзы Бырзаџь Маршьан аҳаирплан "Миг-25" ала Асовет Еидгыла иаҵанакуаз аҳəынҭқаррақəа дырхыԥраахьан. Иара дхəыҷаахыс аԥырра бзиа ибон. Уи ашҟа абзиабара атəы шизцəырҵыз ҳзеиҭеиҳəеит ҳаиҿцəажəараҟны.

"Шьамтəылатəи Ареспубликаҿы ар реинралс дыҟан Мамдыхə Абаза Маршьан, дԥырҩын. Иара ихеиҵалоз аԥырҩы ихылԥа еицарса ихыхны сара санхəыҷыз исхасҵалон, ишəыз иформа маҭəа саднаԥхьалон, исгəаԥхон, лаԥшыла ихы инаркны ишьапаҟынӡа деимыздон. Сара саниз ахьӡ сызҭазгьы иара иоуп, фырхаҵаҵас дысзааиуан еснагь. Нас аԥсҭазаараҿы угəыхəтəы уанахьӡо ҟамлалои, саргьы схəыҷаахыс исымаз сгəаҳəара наӡеит сзанааҭ аганахьала",-ихəыцрақəа ҳацеиҩишон аинрал.

Бырзаџь Маршьан ҩыџьа иашьцəа Аԥсны инхоит, зынӡа аҭаацəараҿы фҩык аишьцəеи ҩыџьа аиҳəшьцəеи ыҟоуп. Иашьцəа ҩыџьа Дранда аҳаблаҿы анаша ахьырааӡо арԥхарҭаҿы агрономцəас аус руеит, иаргьы адгьыл ақəаарыхра бзиа ибоит, убри аҟынтə аҩны дтəаӡам, иашьцəа дрывагыланы аус рыциуеит.

Ҳаиҿцəажəара ахыркəшамҭахь инеиуан еиԥш, Бырзаџь Маршьан дҩагылан, фотосахьақəак аасиркит, "ари сара соуп" ҳəа нациҵеит ашьҭахь дычча-ччо. Афотосахьаҿы абар аинрал-аԥырҩы иформа зшəыз ҳџьынџьуаҩ Бырзаџь Маршьан. Урҭ рыбжьара иҟан Аԥснытəи ансамбль алахəцəа рфотосахьақəагьы.

Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

Шаҟа хəыцрақəеи, шаҟа гəалашəарақəеи рыцузеи аҭоурых иаҿахəҳəагахаз аинрал дзыхӡыӡаауа иҵəыхны имоу арҭ асахьаақəа?! Шаҟа хҭыс беиала деибаркузеи зҟəыӷареи згəыразреи зхаҿсахьа ианубаалоз аԥсуа хаҵа, ҳџьынџьуаҩ, аинрал-аԥырҩы Бырзаџь Маршьан.

Маршьанаа рҭаацəара аԥсуа ҵасла еибаркуп. Аҩнаҭа аԥшəмаԥҳəыс Лина Уанаҿаԥҳа аишəа лара лнапала иҟалҵаз ачыс хаақəа рыла илырхиеит. Уи агьама хааӡа сгəы иқəзаауеит ахааназгьы, дара рҭаацəаратə дкылара еиԥшҵәҟьагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: