Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҳауаажəлар жəытəгьы-ҿатəгьы ргəы иҵхо зҵаараны иаанхоит аҳəаанырцə инхо ҳхылҵшьҭрақəа рҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь рыргьежьра. Маҷ-маҷ акəзаргьы Ҭырқəтəылантəи, Шьамтəылантəи, Баҭымынтəи уҳəа иҟоуп Аԥсныҟа иааз, араҟа зхəышҭаарамцақəа еиқəызҵаз ҳауаажəлар.
Еиҳагьы игəадуроуп урҭ рыхшара рхатəы бызшəала иҩуа, иаԥхьо, аҵара рҵартə еиԥш аҭагылазаашьа ахьроуз, насгьы изларылшо ала рыԥсадгьыл амаҵ ахьазыруа, рыуаажəлар иаӡəыкны иахьрылагылоу.
Иахьа зыӡбахə сымоу аҭыԥҳаи сареи ҳаибадыруеижьҭеи рацəак ҵуам. Еснагь лхы-лҿы аччаԥшь аҿықəыҳəҳəы, лгəалаҟазаара бзианы даауԥылоит. Хымԥада, уи уаҟара уцнамҵар залшом. Афра Чатау адыга хылҵшьҭроуп. Абар, уажəшьҭа быжьшықəса инарзынаԥшуеит лан, лаб, лаҳəшьа, лара еицны Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара ҳəа иааижьҭеи. Афра аԥсуа бызшəа цəгьамкəа еилылкаауеит, иара убас дцəажəоит аурыс, аҭырқəа, араб бызшəақəа рыла.
"Есҽны Аԥсны ашҟа исымоу абзиабара еиҳахоит. Сара сан хылҵшьҭрала даԥсыуоуп, Агрԥҳауп. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы сара саншьа Нидаль Агрба ара дыҟан, иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ихьчеит, уи сара даара сазгəыдууп. Ҳара арахь ҳанаауаз ҳаицны ҳааит, аха рыцҳарас иҟалаз ихьыз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - абас ҳаиҿцəажəара хацҳаркит Афреи сареи.
Афра Чатау, Шьамтəыла иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, англыз бызшəеи алитературеи рфакультет аҿы аҵара лҵон, аха уи хлыркəшаанӡа уаҟа аибашьра иалагеит, анаҩс Аԥсныҟа дааит.
"Сара Краснодар ақалақь аҿы аҳасабеилыргара иазкыз акурсқəа срылгеит. Уажəы, ҳџьынџьуаҩ Сонер Гогəуа инаплакқəа руак аҿы аус зуеит, ҭабуп ҳа иасҳəоит усурҭа ҭыԥла сахьеиқəиршəаз. Аҩызцəа сымоуп, ҳаибабоит, ҳаицəажəоит, схы сахашшаауа сыҟам", - лыгəҭахəыцрақəа ҳацеиҩылшон Афра.
Шьамтəыла аҳҭнықалақь Дамаск инхон Афра лҭаацəа. Аха уа излагаз аибашьра иара ахыԥша анымԥшырц залымшеит. Рыҩны ааныжьны ааигəа иҟаз адыга кыҭахь Барекаҟа имцар амуит. Аха, аибашьра еиҳа-еиҳа аҽарӷəӷəон, убри аҟынтə уи ақыҭа иалҵыр акəеит, убас ауп Аԥсныҟа ишааз Афра лҭаацəеи лареи.
"Сани саби иаразнак ирыӡбеит даҽа тəылак ахь имцакəа арахь иаарц. Европаҟа ҳцар ахҵəацəа рыстатус ҳауан, араҟа арепатриант истатус. Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл ауп. Шьамтəыла ҳанынхозгьы ҳаиҳабацəа Аԥсны аӡбахə иалацəажəон, иазгəарҭон Шьамтəыла ҳара ҳаштəымуаау, иҳаиуам амилаҭ ҳашрыланхо. Аԥсынтəыла ҳара иаҳбарҭоуп ҳаштəымуаам, ҳшаԥшəымацəоу", - ҳəа азгəалҭеит Афра.
Ииашаҵəҟьаны, Афра Чаҭау лабшьҭра аҭоурых дазҿлымҳауп, илбо-илаҳауа ҭылҵаауеит, ланшьҭра акəзар, дазгəыдууны дахцəажəоит.
"Сара сан лан Леиԥҳауп, Џьиҳан лыхьӡуп. Сан лаб иакəзар, Арзадын Агрба, Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы аинралс дыҟан. Сандуи сабдуи Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ҟалаанӡа арахь иаахьан, ирацəаҩуп ирдыруа ауаа, аҭынхацəа, рыжəлантəқəа. Аԥсуа аинрал Гиви Камыгə-иԥа Агрбеи сара сабдуи даара еиҩызцəа дуқəан, еишьцəан", - дҳацəажəон гəыблыла Афра.
Афра ҳаиҿцəажəара аҳəаақəа ирҭагӡаны ирацəоуп исзеиҭалҳəаз ахҭысқəа, агəалашəарақəа. Саԥхьа дтəан акыр агəыкра зҵаз, зхəыцрақəа гəылырҭəааз аҭыԥҳа.
"Сандуи сабдуи Аԥсны ианыҟаз авидеоҭыхымҭақəа маҷымкəа Шьамтəылаҟа инаргеит. Лассы-лассы ҳадтəаланы ҳахəаԥшлон, ҭыԥцыхьаӡа ирбаз-ираҳаз ажəала ихарҭəааны иаҳзеиҭарҳəон. Санду шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа дааит, аха нас деиҭацеит Шьамтəылаҟа. Хымԥада, иџьалшьеит аибашьра ашьҭахь илбаз аҭагылазаашьа, акыр лгəы лнархьит", - лҳəеит Афра.
Афра 20 шықəса ракəын илхыҵуаз лҭаацəа дрыцны Аԥсныҟа данаа. Ҩышықəса ааҵуаны аҭаацəара далалеит, лыԥшəма дадыгоуп, Шьамтəылантəи иааз ҳџьынџьуаа дыруаӡəкуп.
"Ҳара ҳаҩны ҳаҟазшəаҵəҟьа ауп ҳхы шаабо Аԥсны. Арантə уажəшьҭарнахыс џьаргьы ацара ҳҭахым. Шьамтəыла знык заҵəык сцахьеит сааижьҭеи, убригьы адокументқəа рзы, схы ажəа асҭеит уаҳа уахь сшымцо ала. Аамҭала қьырала аҩны ҳаҩноуп. Аха, мызқəак рнаҩс Арепатриациазы аминистрра иаҳзалнахыз анхарҭа ҭыԥ ашҟа ҳаиасуеит", - ҳəа азгəалҭоит Афра.
Афра лаҳəшьа лакəзар, Шьамтəыла англыз бызшəа афакультет дҭан, арахь данаауаз аурыс бызшəа бзианы илдыруан. Араҟа аус луан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Арепатриациазы аминистрреи рҟны. Иара убас, ахҵəацəа русқəа рзы "Датский совет" аҟны аус луан ҩышықəса, анаҩс алимит илоуз иабзоураны Катартəи аҳəынҭкарратә университет амагистратураҿы лҵара иацылҵоит. Афра лаб иакəзар, хаԥыц ҳақьымуп, изаанаҭ ала аус иуеит Дранда.
Афра Чаҭау еснагь лҵара-дырра аизырҳара дашьҭоуп, Аҟəа ақалақь арҵаратə центр "Академиа" аҟны аҭырқəа бызшəа арҵара иазкыз акурсқəа дырхысуан.
Абасала, Аԥсынтəыла рхы-ргəы иақəгəырӷьо иноит Шьамтəылантəи нхара ҳəа ихынҳəыз ҳџьынџьуаа. Афра лҭаацəеи лареи ирзеиӷьаҳшьоит агəабзиара, рнапы злаку русқəа рҿы аихьӡарақəа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Мураҭ Ԥлиа: милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу - еиҳау разҟы ыҟаӡам
-
Нарҭ Ҟәаԥсаргьен: сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны, избанзар саԥсыуоуп