Арадио

Ҭыжәба: есышықәса маҷ-маҷ акәзаргьы, амандарина ашьаҭа ҿыцқәа еиҭаҳалатәуп

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион аҿы ацитрустә шәырқәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

 

Ҭыжәба: есышықәса маҷ-маҷ акәзаргьы, амандарина ашьаҭа ҿыцқәа еиҭаҳалатәуп

"Сынтәа иҳаман аплантациақәа жәа-гектарк рҟынтә цырак амандарин ахьҿамыз. Ахатә баҳчақа рҟынтә 300 тонн ауп еизыргаз. Абжьааԥны акәзар, 500 тонн инареиҳаны. Амандарин ашьаҭақәа иаҳа-иаҳа имаҷхоит, иажәит, иҩоит. Абаҳчақәа еиҭаҳаужьҭеи акыр шықәса рхыҵуеит. Ҩышықәса раԥхьа иҳалҳаршеит 4 гектарк амандарин ашьаԥқәа реиҭаҳара. Урҭ сынтәа раԥхьатәи аҽаҩра ҳарҭеит. Убыс еиԥш есышықәса алшара ҳаур, ажәытәи аҿатәи еихьӡалон. Амандрин ашьаҭа анажәуа иаҳагьы имаҷны аҽаҩрагьы унаҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.