Арадио

Жорданиа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиахь алԥшаарақәа шымҩаԥыргаз атәы

Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиахь актиорцәа қәыԥшцәа шалырԥшаауаз атәы.
Sputnik
Жорданиа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиахь алԥшаарақәа шымҩаԥыргаз атәы

"Ахәыҷқәа иахьугалакгьы ибзиоуп, иааиз рҟынтәи иаҳа иаарласны аусура иазыҟаҵоу алҳкааит, 50-ҩык раҟара ыҟан, 15-ҩык рҟынӡа алҳкааит уажәтәи алԥшаарақәа раан. Ари студиоуп, ахәыҷқәа азыҟаҳҵоит актиорра иашьашәалоу амаҭәарқәа рыла. Арҵаҩцәа фҩы-быжьҩы ыҟоуп, ахәыҷқәа идҳарбоит атеатр ацехқәа аус шыруа, асцена, акулиса закәу уҳәа аамз рыҩнуҵаҟа атеатр закәыҵәҟьоу дҳарбарц ауп. Уажәаԥхьа иоуҳажьыз ахәыҷқәа асертификатқәа раҳҭеит, дара рымчала қәгыларак ҟаҳҵеит", -иҳәеит Жорданиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: