Арадио

Ҵәыџьба Гал анхацәа ирызкны: адгьыл аус адулара иалагахьеит, уаареигәырӷьаратәы иҟоуп

Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ақыҭауаа адгьылқәаарыхра нап шадыркхьоу.
Sputnik
Ҵәыџьба Гал анхацәа ирызкны: адгьыл аус адулара иалагахьеит, уаареигәырӷьаратәы иҟоуп

"Қыҭацыԥхьаӡа игәоуҭозар, иахьа анхацәа абаҳчақәа ирҭоуп, арасаҭрақәа дрыцқьоит, ашәыр еилырхуеит, зегьы акәкәыҳәа аусура иаҿуп, уаареигәырӷьаратә иҟоуп. Араион аҟны ауҭраҭыхааӡарҭақәа еиҵыхны иҳамоуп ҳәа узҳәом, ус ҩнаҭацыԥхьаӡа 15-20 метра змоу ааӡарҭақәа рҟны иалагахьеит ауҭраҭых аус адулара. Аҵыҵындра змоу аусурақәа ирылагеит. Ацитрус шәырқәа змоу ракәзар, заанаҵы ахәшәтәрақәа ирылагахьеит", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.