Аԥсны коронавирус ашьақәыргыларазы атест-системақәа аиуеит

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба жәабран 25 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит коронавирус ареспублика аҵакыраҿы аҟазаара аԥырҟәҟәааразы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Аԥсны урыстәылантәи иаиураны иҟоуп 500 тест-система акоронавирус адиагностиказы, лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Атест-системақәа аус рыдулоуп авирусологиеи абиотехнологиеи рыҭҵаарадырратә центр "Вектор" аҿы, Новосибирск. Аилацәажәара иалахәын агәабзиарахьчара, азинхьчара рсистемақәа рхаҭарнакцәа, амиграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны атәылауаа Китаиҟа имцарц рабжьыргоит

Аҳәаанырцәуаа, хаҭала Таџьикистан, Узбекистан, Кореиа, Китаи, Киргизиа ртәылауаа ареспубликахь ралаларазы аԥкрақәа рыҿҳәара мшаԥы 7 рҟынӡа аҿҳәара инахазарц ӡбоуп.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҳәеит арисператортә инфекциа аҟазшьа здырбало атәылауаа зегьы ахәышәтәырҭахь инеироуп ҳәа.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба инапы ианҵоуп Аԥсны атәылауаа ирабжьигарц аҳәаанырцәҟа ацара рҽацәхьакларц.

Бганба агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы ианиҵеит акоронавирустә инфекциа Аԥсны ахы цәырнагар, амедицина усзуҩцәа рхымҩаԥгашьа еиҿкаазарц.

Авирус иахьатәи аамҭазы ирымоуп ҳәа агәаанагра ыҟоуп 80 нызқь-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2,7 нызқь-ҩык.