Арадио

Габниаԥҳа: Хәажәкыра ҟамҵакәа, ҿыц игылоз аиаҵәара афара азин ыҟамызт

Афольклорҭҵааҩы Цира Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Хәажәкыра аҵакыи, уи аславиан жәларқәа имҩаԥыргоз аныҳәареи ахьеиқәҿырҭуа атәы.
Sputnik
Габниаԥҳа: Хәажәкыра ҟамҵакәа, ҿыц игылоз аиаҵәара афара азин ыҟамызт

Ачгара ду ааира мчыбжьык шагу аславиан мифологиала Хәыжәкын мамзаргьы урысшәала Масленица ҳәа изышьҭоу азгәарҭоит. Уи ижәытәу аурыс ныҳәақәа иреиуоуп. Шьоукы ачгара ду иадырҳәалозар, даҽа  џьоукы аӡын анаскьагара ааԥын аԥылара иадырҳәалоит. Мчыбжьык ачамчамытақәа рӡлоит. Аԥсуаа ари иҳацәтәыму ныҳәоуп, аха ус шакәугьы Аԥсны иазгәарҭоит.

"Аԥсуаа ҳныҳәа Хәажәкыреи аславиан жәлар иазгәарҭо Масленицеи еиқәҿырҭуеит. Ажәытә қьабз иахылҿиааз ақьырсианра ашҟа ахы арханы иҟоуп, аха ус ауп егьырҭ ажәларқәа рҟынгьы. Ижәытәӡатәиу аныҳәақәа ақьырсианра анааиуаз, ирҿыцны иашьашәаланы иҟалон. Хәажәкыреи Масленицеи ахьеиқәҿырҭуа атәы ҳҳәозар, Аиҭар ныҳәа иацу ауп аԥсабара аҿиара, аӡын уҵсны ааԥын ааира, аԥсҭазаара аихаҳара, ауаа рыҿиара. Хәажәкыра ҟамҵакәа, аԥсуаа рҟны ҿыц игылоз аиаҵәара: аџьамшьы, аџыш афара азин ыҟамызт ҳәа иԥхьаӡан. Ааԥын анааиуа раԥхьатәи ауха ахәажә аҵәы агәылаҵаны имҩаԥырго аныҳәа-аҿиареи, аизҳареи, агьацареи рзы имҩаԥыргоз ныҳәан", -ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: