Цира Габниаԥҳа: ахәажәҵәы зықәшәаз амшра ицуп ҳәа ипхьаӡоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАетнолог Цира Габниаԥҳа
Аетнолог Цира Габниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит аԥсуаа рытрадициатә милаҭтә культура иаҵанакуа аныҳәа – хәажәкыра.

АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Хәажәкыра аныҳәара аизҳара, аҿиара, ааԥынра ааира иазку ныҳәароуп, ҳәа лҳәеит аетнолог Цира Габниаԥҳа.

"Жәаҳәарада, ари аԥсуаа зегьы бзиа еицырбо аныҳәақәа ируакуп. Ажьырныҳәа анаҩсан, ааԥынра алагамҭаз иазгәарҭоит хәажәкыра. Насгьы, ихадароу акоуп, иара ахьыӡ — хәажәкын. Жәытә-натәгьы ааԥынра иааиуа раԥхьатәи ашәахьа иақәшәозар ауп ари аныҳәара. Амзар ахаҭа аҽанеиҭанакуа ыҟоуп азы, иҟоуп ԥхьаҟа ианеиҭаҵуа, иҟоуп маҷк ианааскьогьы", ҳәа ацылҵеит лара.

Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, аԥсуаа рҿы ирҳәон, аԥсабареи ауаатәыҩсеи зынӡа еимадоуп ҳәа. Хәажәкын ҟамҵакәа аџыши аџьымшьи аиаҵәара, ахәац чаԥеи рфаӡомызт аԥсуаа. Ари аныҳәа ҭаацәаратә ныҳәоуп. Иахьа иахьымҩаԥырго еиуеиԥшым аилакқәа, аколлективқәа рыҟны еицызгәарҭоит. Уи еиҳа еиӷьуп, ииашоуп.  

"Зегь раԥхьа хәажәкыра зызку ааԥынра ааира, аизҳара, аҿиара ауп. Аԥсабара ҿыхоит, анхара аамҭа ааиуеит. Чыс хкыс иадыргалоз зегь раԥхьа иргылын ашыла амгьали, ахәац чаԥеи, аҟәыд чаԥеи, ахәыжәҵәы, ахәажәқәеи роуп. Ахәажәҵәы задыргалоз уи ауп; ахәыжәҵәы — анасыԥ аҵәы ҳәагьы иашьҭоуп", — ҳәа лҳәеит Цира Габниаԥҳа.

Ахәажәқәа рзы амажәа лкәаҳауеит аҭаацәара иреиҳабу, ицқьоу аԥҳәыс, ҳәа лҳәеит лара.

Аетнолог Цира Габниаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Анаалышьцалак ахәажәқәеи акәакәарқәеи ҟаҵаны аҭаацәа ааилагылоит. Амажәа лкәаҳауеит аԥҳәыс цқьа, уи агәнаҳа лымаӡам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аҭаацәараҿы шаҟаҩы ыҟоу аҟара ахәажәқәа ҟалҵароуп, ирыхәҭыгәлоу дҟаларгьы уигьы ихәы ыҟазар ауп, уи бзиоуп ҳәа ипхьаӡоуп. Аԥхәыс цқьа амажәа зкәаҳаз, ахәажәқәа асаара инанҵаны лаԥхьа иқәларгылоит, лнапаҿы илкоит акәақәарқәа, дара иҟьаԥсу аформа змоу ыҟоуп, акәакәар форма змоугьы ыҟоуп, урҭ рыҩбагьы аҭаацәара аԥызҵо ирсымволуп. Дныҳәаны аҭаацәара ишаны инрылҭоит, дара афара иалагаанӡа иҩырссаны игәарҭоит аҵәы зықәшәаз. Уи зықәшәаз ашықәс зегьы амшра ицуп ҳәа ирыԥхьаӡоит", — ҳәа ацылҵеит аҵарауаҩ.

Алымилаҳ ҳәа анцәахәы длымҵаныҳәоит, лара дыԥхьаӡоуп аҭаацәа рынцәахәы ҳәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0