АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Шәача ашьхараҿы асыԥсақәа леир алшоит ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.
"Аиқәырхаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи абжьгара рырҭоит ашьхарахь аныҟәара рҽацәхьаркларц. Шәарҭарак ҟалар аномер 112 ала аҭел иасларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Абри аԥхьа асиноптикцәа адырра ҟарҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амш цәгьахоит ҳәа. Абри инадҳәаланы ақалақьтә маҵзурақәа аҽазыҟаҵара ӷәӷәа мҩаԥыргеит.
Жәабран 24 - 25 рзы аԥшатлакәи адыд-мацәыси рыҟалара иазыԥшуп. Иҟалоит аӡиасқәа рҟны аӡышьҭыҵра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шәача амш бааԥсхараны иҟоуп
Шәача илеиз асыԥса ахҟьа-ԥҟьақәа аԥыхуп