Шәача ашьхараҿы асыԥсақәа леир алшоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие горнолыжного сезона в Красной поляне
Открытие горнолыжного сезона в Красной поляне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи абжьгара рырҭоит ашьхарахь аныҟәара рҽацәхьаркларц.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Шәача ашьхараҿы асыԥсақәа леир алшоит ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.

"Аиқәырхаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи абжьгара рырҭоит ашьхарахь аныҟәара рҽацәхьаркларц. Шәарҭарак ҟалар аномер 112 ала аҭел иасларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Абри аԥхьа асиноптикцәа адырра ҟарҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амш цәгьахоит ҳәа. Абри инадҳәаланы ақалақьтә маҵзурақәа аҽазыҟаҵара ӷәӷәа мҩаԥыргеит.

Жәабран 24 - 25 рзы аԥшатлакәи адыд-мацәыси рыҟалара иазыԥшуп. Иҟалоит аӡиасқәа рҟны аӡышьҭыҵра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0