Арадио

Шьалашьаа еиҭеиҳәеит иаку асоциалтә шәахтә алагалара феидас иалоу

Аекономист Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иаку асоциалтә шәахтә алагалара феидас иалоу атәы.
Sputnik
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит иаку асоциалтә шәахтә алагалара феидас иалоу

"Иаку асоциалтә шәахтә бзиоуп, избанзар иахьазы асоциалтә шәахтәқәа анаплакқәа рҟнытәи иршәоит афондқәа хәба рахь: амедицианатә, атәанчаратә, аинвалидцәа… Атәанчаҩцәа ртәы 14% ыҟоуп, егьырҭ 2-1,5%, убас ишаны иҟоуп. Ашәахтәқәа зшәо рзы еиҳарак изыманшәалам хазы ашәҟәқәа хадырҭәаауеит, хаз-хазы ирышьҭуеит. Ирацәаны аамҭа агоит, уажәшьҭа  хаз цәаҳәаны иадырбоит абиуџьет аҟны, ахылаԥшрагьы иаҳа иманшәалахоит", - иҳәеит Шьалашьаа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: