"Москва Аҩны" аибашьра ду аветеранцәа ирыдныҳәалеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа  ирыдныҳәалан аныҳәа, ирыҭан аҳамҭақәа. Иахьазы Аԥсны инхоит аибашьреи атыли рветеранцәа  48-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иҟоу Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҟны жәабран 23 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа  ирыдныҳәалан аныҳәа, ирыҭан аҳамҭақәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Москва Аҩны" адиректор Александр Бигәаа.

"Ари иазыԥхьагәаҭаз уснагӡатәуп, Москва аиҳабыреи жәларбжьаратәи аусеицура Москватәи ацентри рыцхыраарала имҩаԥган. Аиԥылара Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны имҩаԥган. Хәҩык аветеранцәа ҳарзыԥшын, аха иааз ԥшьҩык роуп",- иҳәеит Бигәаа.

Иахьазы Аԥсны инхоит аибашьреи атыли рветеранцәа  48-ҩык.