Сурков иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала иус шынижьыз

Урыстәыла ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Владислав Сурков аҳәамҭа ҟаиҵеит ааигәатәи ипланқәа рҿы ишарбам "аполитика ду".
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Владислав Сурков Урыстәыла ахада ицхырааҩра хатәгәаԥхарала ишаанижьыз. Абри атәы иара изеиҭеиҳәеит аполитолог, аполитикатә кониунктурақәа Рцентра адиректор Алексеи Чеснаков, апортал "Актуальные комментарии" азы.

"Схала сцеит. Хатәгәаԥхарала. Сгәы сыхьуазҭгьы сҽаларԥсны искызаарын сҭыԥ, аха мап", - иҳәеит иара.

Убри аан асеиԥш аӡбра зидикылаз азҵаара иаарту ҭакда иаанижьит.

Путин Сурков инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит

"Исыздырам. Амцҳәарагь ҟалом, аха рацәак исҳәашагь сымам. Сара еиҳарак Донбасси Украинеи сырҿын. Аконтекст аҽаԥсахит. Ажәакала, рацәак алацәажәара сҭахым, аха убри аан шәызҵаара ҭакда ааныжьрагьы иашам", - иҳәеит иара.

Уаанӡа атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵахьан Владимир Путини Суркови, аҵыхәтәантәи иусура ааныжьразы аусԥҟа анапы аҵеиҩхаанӡа ишеиқәшәаз азы.

"Аиԥылара ҳаман. Ахада ииҳәашаз иҳәеит. Саргьы ҭабуп ҳәа иасҳәеит 20 шықәса дуӡӡа сивагыланы аус зуртә аиԥш аҭагылазаашьа ахьсиҭаз азы. Ари сара сзы ҳаҭыр дууп", - азгәеиҭеит Сурков.

Сурков Урыстәыла ахада ицхырааҩыс дҟаҵан хәажәкыра 2004 инаркны 2008 шықәсанӡа. 2013 шықәса рзы ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи аус рыцуразы ахада ицхырааҩыс дҟалеит. 2018 шықәса рзы Сурков Урыстәыла ахада ицхырааҩыс деиҭаҟаҵан.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Владислав Сурков ахада ицхырааҩ имаҵзураҟынтәи ихы дақәиҭитәит ҳәа адырра ҟалеит жәабран 18 рзы. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьын Кремль асаит аҿы.

Уаанӡа Сурков аҳәынҭмаҵзура шьҭеиҵоит ҳәа иҳәахьан аполитолог Алексеи Чеснаков.

Адокумент амчра аиуеит анапы анаҵаҩха инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: