Путин Сурков инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладислав Сурков
Владислав Сурков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Алексеи Чеснаков и-Telegram-канал аҟны ажьырныҳәа 25 рзы адырра ҟаҵан Владислав Сурков аҳәынҭмаҵзура аанижьит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Владислав Сурков ахада ицхырааҩ имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит ҳәа адырра ҟалеит жәабран 18 рзы. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Кремль асаит аҿы.

Адокумент амчра аиуит анапы анаҵаҩха инаркны.

Жәабран 11 рзы Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина азҵаарақәа инапы ианҵахоит ҳәа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак. Уаанӡа арҭ азҵаарақәа инапы ианын Сурков.

Сурков Урыстәыла ахада ицхырааҩыс дыҟан хәажәкыра 2004 инаркны 2008 шықәсанӡа. 2013 шықәса рзы ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи аус рыцуразы ахада ицхырааҩыс дҟалеит. 2018 шықәса рзы Сурков Урыстәыла ахада ицхырааҩыс деиҭаҟаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0