Арадио

Ҳашба ажурналистиказы: ԥаса атехника ҳазрыцҳан, аха ажәа ахаҭабзиара иахьатәи иахыҳәҳәон

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, 50 шықәса инацны уажәаԥхьа ажурналистикаҟны ашьаҿақәа ҟазҵаз Владимир Ҳашба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иахьатәи ажурналистикеи ажәашықәсақәа раԥхьа иҟази злеиԥшым атәы.
Sputnik

Жәабран 27, 1919 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны" раԥхьаӡа акәны иҭыҵит. Ари аҽны аҳәынҭқарраҟны Амилаҭтә кьыԥхь амш азгәарҭоит.

Ҳашба ажурналистиказы: ԥаса атехника ҳазрыцҳан, аха ажәа ахаҭабзиара иахьатәи иахыҳәҳәон

"Сара аусура сахьалагаз арадио аҟны ауп. Раԥхьа корреспондентс салагеит, нас аредактор хада иҟынӡа снаӡеит. Ашьхеи агеи узеидкылозар, еиҿурԥшыр алшоит усҟантәии иахьатәи аамҭеи. Иахьа сахьынаԥшааԥшуа избо аусушьа, аиаша шәасҳәап, сшәыҵашьыцуеит абзиа аганахьала, атехникатә хархәагақәа роуп сызҿу. Сара сабиԥара зхааныз атехника уажә саназхәыцуа схы рыцҳасшьоит, избанзар убри аҩыза апримитив маругала аус ҳуан. Амонтаж ҟаҵараан аҷабга ҳхы иаҳархәон, астудиа санҭыҵуаз, аспирт афҩы сыхҟьон, амонтаж ахьыҟаҳҵоз. Иахьатәи ажурналистика аҿиашьа сгәаԥхоит, избанзар ацхыраагӡатә техника рацәаны ишәымоуп. Амала ажурналистикаҟны ажәа ахаҭабзиара иахьатәи инахыҳәҳәозшәа иҟан ҳәа сыԥхьаӡоит",- иҳәеит Ҳашба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.