Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реиқәырхаҩцәа реиқәшаҳаҭра атәы
© Sputnik
"2010 шықәсазы аҳәынҭқаррақәа ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи иҳабжьаҳҵарц ауп аиқәшаҳаҭра асанитартә авиациеи, насгьы абна амцакраан ацхыраара аҟаҵаразы. Уи азы Аԥсны ахада Урыстәыла ахада иахь ашәҟәы иҩҩыр акәын, аамҭа агон мышкы-ҩымш еиҳаны. Иахьала иҳабжьаҳҵо аиқәшаҳаҭра аус даара иарманшәалоит, азҵаарақәа иҳамоу ҳаҩныҵаҟа мышкала иҳаӡбартә иҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит, абылрақәа ирыдҳәалазар. Ачымазцәа ирыдҳәаланы акәзар, урҭ анҭыҵ ргара азҵаарагьы мышкала иӡбахар алшоит",- иҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.