АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Ԥшьымшуп Шәача иахьаҵанакуа ибжьаӡыз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аха аԥшаарақәа макьаназы лҵшәа рымам.
"Жәабран 25 рзы Шәача ақалақь Лазаревское араион аҿтәи аӡиас Ԥсезуаԥсе ирсуаз 13-15 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ашколхәыҷқәа аӡы иагеит. Урыстәыла АҶА авертолиот Ка-32 аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иадрыԥхьалеит. Амшын акваториа амониторинг азун аҳауаҟынтә. Аԥшаарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы агәыԥқәа рҽеидкыланы аус руеит", - аҳәоит РИА Новости адырраҭараҿы.
Аиқәырхаҩцәа ринформациала амшын ихылеит аԥшааратә катергьы. Уаанӡа, 4-5 балл иҟоу амшынцәқәырԥараан амшын агәаҿы аԥшаарақәа рымҩаԥгара алшомызт. Аԥшаарақәа ирыдыԥхьалоуп 260 еиқәырхаҩцәа, аполициеи Росгвардиеи рхаҭарнакцәа, аволонтиорцәа.
Апрокуратуреи аусҭҵааратә еилаки ахәыҷқәа рыӡра афакт аганахьала заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥнагоит.
Убри аан жәабран 28 рзы Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа азгәарҭоит аметеорологцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәыла АҶА авертолиот аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иадыԥхьалоуп
АҶА адыррала Шәача аӡиасқәа шьҭыҵыр алшоит