Амԥарԥҳа афинанстә пирамидазы: ҳазлахәмаруа аԥара ҳҭаацәа ирыдаҳҵар еиӷьуп
© Sputnik
"Ас еиԥш аԥара аиура легалтәуп, изакәантәуп мамзаргьы хәмарроуп, финанстә пирамидаӡам, мчыла аӡәгьы акгьы идигалом ҳәа зыԥҳьаӡо ирасҳәар сҭахуп ацәгьара рҭахымзар, рҩызцәа, рҭынхацәа ас еиԥш ахәмарра рыдрымгаларц. Ари иаиааиуа маҷуп, иаҵахо рацәоуп, насгьы урҭ рԥарақәа аӡәгьы ирхынҳәӡом", - лҳәеит Амԥарԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.