Иахьа Отаԥ акыҭан иҟоуп 43 ҭӡы, Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ари ахыԥхьаӡара еиҳа еиҳан ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа аиҿцәажәара аан.
"Ҳамҩақәа ақыҭа ацентр аҟынӡа хар амаӡам, уи нахыс ацхыраара ахьаҭаху ыҟоуп. Еиҭа еиӷьны ахылаԥшра ҳамандаз рҳәоит анхацәа алашара аганахьалагьы. Иарсу афымцатә шьаҟақәа мҿтәуп аҟнытә, лассы-лассы икаҳауеит. Иаауеит, иадырсуеит, аха анаҩс еиҭа икаҳауеит. Ашьаҭақәа аԥсахра рҭахуп, убри аганахьала ацхыраара ҳамазар цәгьамызт. Ақыҭаҿы иҟам ахәаахәҭырҭатә дәқьангьы. Иҟоу аҳаԥқәа рыда уаҳа анхаҩцәа наплакык ҳәа аартны акгьы рымам. Аҩны ирааӡо, иаадрыхуа ҭиины акәымзар, уаҳа аагарҭак ҳәа рымам. Анцәа иҟынтә, иҳамоуп автобус, ақыҭа ауааԥсыра дара-дара еицхыраауеит, аџьармыкьахь ицо игәыла ииҭаху асиеи аԥареи ииҭоит, анаҩс егьы дхәаахәҭны изааигоит, абасала анхацәа дара-дара еидгылоит, еицхыраауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.