Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭаҟны адгьыл ҳәазеит

Ақәаршҩы алеира иахҟьаны Аҟәа араион Аладатәи Ешыра иахьаҵанакуа хәажәкыра 1 азы амҩа ахәҭак ҳәазеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Аҟәа араион Шыцкәара аҳаблаҿы автомашьынатә мҩа ахәҭак ҳәазеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада Валери Смыр.

Араион ахада иазгәеиҭеит хәажәкыра 1 ауха ақәаршҩы ӷәӷәа шлеиуаз, аӡқәа еизыкәкәаны амҩаду ишанылаз, уи ишахҟьаз амҩа аҳәазарагьы. тому иара иажәақәа рыла ари аҭыԥ аҿы асеиԥш ахҭысқәа маҷым аҭыԥ агеологиатә ҷыдара иахырҟьаны.

"Хәажәкыра 1 ашьыжь ауп асеиԥш аныҟала. Жәабаҟа метра рҟынӡа амҩа ԥхасҭоуп. Уи еиҳа-еиҳа иацлоит", - иҳәоит Смыр.

Смыр иажәақәа рыла, ара ааигәа-сигәа аӡәгьы дынхом, аха амҩаҳәазара аныҟалоз амҩа ианыз автомашьына аҭаҳара иагеит. Уи ашьҭыхгатә кран ала иҭыган. Амашьына аԥсҟы зкыз ԥырхага имоуит.

Аҳаблаҿы иҟоуп даҽа мҩакгьы. Аремонттә усурақәа цонаҵы ақыҭа ауааԥсыра уи рхы иадырхәалоит.

Владимир Смыр иазгәеиҭеит ари аҭыԥ иацәыхарамкәа ишгылоу 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа, уи аԥырхага аиур шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: