АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Филиппины аҳҭнықалақь Манила ахәаахәҭратә центр аҟны 30-ҩык рҟынӡа ауаа шасыс игеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иҟоу адыррақәа рыла ауаа шасыс изгаз иара уи ацентр аҿы аус иуан. Шасыс иигазгьы иара ацентр аусзуҩцәа роуп реиҳараҩык.
Аполициаа ауаа шасыс изгаз иҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит. Шасыс игоe рҟынтәи аӡәы ахәра имоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кельн агәҭа идырым џьоукы ауаа шасыс иргеит
Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлараан иҭахеит 49-ҩык ауааԥсыра