Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлараан иҭахеит 49-ҩык ауааԥсыра

© AP Photo Mark BakerЗеландиа Ҿыц аџьаама ақәлара
Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
48-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра ахәрақәа рыманы ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Зеландиа ҿыц арегион Кентербери агәабзиарахьчара аусбарҭа.

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Зеландиа Ҿыц аполициа рхада Маик Буш аҳәамҭа ҟаиҵеит аџьаама ақәлараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 49-ҩык ҟалахьеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ New Zealand Herald адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Атәыла аџьаамақәа руак абџьар кны дақәлеит австралиатәи Графтон атәылауаҩ Брентон Таррант (Brenton Tarrant). Таррант абри аан онлаин-транслиациа мҩаԥигон. Ақәылара аламҭалаз 37 даҟьа иҟаз аманифест икьыԥхьит, иҟаиҵаран игәы иҭаз террактуп ҳәа ахьахиҳәааз.

​Зеландиа Ҿыц аполициа рхада Маик Буш аҳәамҭа ҟаиҵеит аполициауаа Краистчестертәи аџьаамаҿы ахысра ҟазҵаз ҳәа уаҳа аӡәгьы ишишьҭам.

Маик Буш инаҵшьны иазгәеиҭеит Зеландиа Ҿыци Австралиеи рполициақәа иарбанызаалак информациак шрымамыз. Иара убри аан иҳәеит ақәылара акыр ишеиҿкааз.

Уажәазы хаҿык ахара ихараҵоуп.

"20 шықәса зхыҵуа ауаҩшьра мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп. Уаҵәы иара аӡбаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылароуп. Иара убасгьы иаанкылоуп хҩык ахаҿқәа, аха урҭ ари аус иалаҟьашьымзар ҟалоит", - иҳәоит иара.

Британиатәи аҭыжьымҭа Daily Mail иӡырнагеит ахысра ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу ауаҩы иаанкылара зну авидео.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0