Арадио

Лацәышԥҳа Гал араион аҿы Аԥсны аҭоурых амаҭәар азнагашьазы: иҷыдоу аҵара змам рацәаҩуп

Гал араион аҵара аҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҭоурых азы араионтә школқәа рыбжьара имҩаԥгаз аицлабра атәы, насгьы ашколқәа рҿы ари амаҭәар азы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik
Лацәышԥҳа Гал араион аҿы Аԥсны аҭоурых амаҭәар азнагашьазы: иҷыдоу аҵара змам рацәаҩуп

"Аицлабра иалахәын 17 школ. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, Аԥсны аҭоурых иазку аицлабра даара ибзиан имҩаԥысит ҳәа уҳәар алшоит. Уи аӡбаҩцәагьы иазгәарҭеит. Ҳәарада, ақалақьқәа рышколқәеи ақыҭа школқәеи рҿы амаҭәар азнагашьа еиԥшым, еиԥшым иара убас ахәыҷқәа рдыррақәа рыҩаӡарагьы. Избанзар, ақалақь школқәа рҿы Аԥсны аҭоурых дзырҵо аспециалист ААУ иалгаз роуп. Ақыҭа школқәа рҿы акәзар, ирацәаҩуп испециалистцәам. Иҩбахаз, ахәыҷқәа абызшәа анырзымдыруа иуадаҩуп ахәыҷқәа амаҭәар рызнагара", - ҳәа еиҭалҳәеит Лацәышԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.