Леонид Лакербаиа Бжьаниа иштаб апозициазы: ҳара ҳада алхрақәа ҟалом

Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа атәы еилкаахаанӡа, ацентртәи араионтәи штабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акндидат Аслан Бжьаниа иалхратә штаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа рыштаб хада аԥхьа еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит.

"Ҳкандидат иреспубликатә штаб азеиԥш позициа абри ауп - ҳара ҳада алхрақәа мҩаԥысӡом", - иҳәеит Лакербаиа.

Лакребаиа иажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа атәы еилкаахаанӡа, ацентртәи араионтәи штабқәа рагитациатә усурақәа аанкылахоит, ақалақьқәеи араионқәеи рҟны алхыҩцәа рԥыларақәа зегьы аанкылоуп.

Иара Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа далацәажәеит. Уи аҳақьымцәа рабжьгарала Краснодартәи ахәышәтәырҭахь вертолиотла дышьҭуп иҷыдоу ацхыраара иҭаразы.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭақәа руак дҭашәеит хәажәкыра 2 рзы. Уи игәы бааԥсхеит Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа данықәыз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: