Арадио

Смыр Шыцкәара ибгаз амҩазы: еиҳарак иҳахәарҭаз мҩан

Аҟәа араион ахада Валери Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Шыцкәара аҳаблаҿ адгьылҳәазара иахҟьаны ибгаз амҩа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Смыр Шыцкәара ибгаз амҩазы: еиҳарак иҳахәарҭаз мҩан

"Ари қыҭамҩоуп. Ешыра инхо Аҟәаҟа излацоз ҳәа иҟаз мҩоуп. Даҽа мҩакгьы ыҟоуп Аҟәаҟеи Гәдоуҭа араион ахь узгои, аха ари амҩа акәын еиҳарак иҳахәарҭаз. Ари аҭыԥ ус иадыруеит, араҟа адгьыл ҳәазоит. Амҩа ахьыбгаз инацәыхарамкәа аҩнқәа гылоуп, макьана ԥырхага рымам, аха уажәы ара адгьыл ҭауԥсеит ҳәа иаангылаӡом, еиҭа иагоит. Аӡымҩангага ҿыц иҟаҳҵаз акгьы амыхьит, аха афымцатә шьаҟа акы ааха аиуит, ишкаҳара игылоуп. Аха еиҳаракгьы ҳзыцәшәо, Шыцкәара иҭахаз аҷкәынцәа рбаҟеи ибгаз амҩеи жәабаҟа метроуп ирыбжьоуп, убри ак ахьыр ҳәа ҳшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Смыр.

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: