Арадио

Ҳашыг Ажурналистцәа реидгыла асаит азы: Sputnik Аԥсны мҩаԥызго рыцхыраара ҳақәгәыӷуеит

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахеилак асаит аусура ахықәкы хада атәы.
Sputnik

 

Ҳашыг Ажурналистцәа реидгыла асаит азы: Sputnik Аԥсны мҩаԥызго рыцхыраара ҳақәгәыӷуеит

"Сеигәырӷьоит ари аҩыза аус ахьеиҿаҳкааз. Асаит макьана иаартуп ҳәа сызҳәом, уажәы аҽазыҟаҵаратә аамҭоуп. Ажурналистцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иагу иабзоу ргәаанагара, еиҭа иацҵатәу, излеиӷьтәтәу, еиҳа хшыҩзышьҭра ззыҟаҵатәу ҳәа ргәы иаанаго зегьы ҳаҵарҳәарц. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла иалахәу ажурналисттә еиҿкаарақәа рахьынтә Sputnik Аԥсны асаит аусураҿы иаҳа аԥышәа амоуп, сақәгәыӷуеит шәусзуҩцәа, хықәкыла асаит амҩаԥгара иаҿу ауаа иҳаҵарҳәаша шырацәоу. Иара убас Адунеизегьтщи аԥсуа-абаза конгресс ирымоу асаит даара узеигәырӷьаша акәны иҟоуп. Ибзианы еиқәыршәоуп, еиҿкаауп. Зегьы ахшыҩеилаҵара ҟаҳҵар, излеиӷьаҳтәыша амҩақәагьы аабоит. Ари аԥсуа журналистцәа иаҳхаҿсахьаны, адунеи зегь аҟынтә Аԥсны аҭагылазаашьа еилызкаар зҭаху рзы иҿахәҳаганы иҟалароуп", - иҳәеит Ҳашыг.

 

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.