Ааԥынтәи раԥхьатәи ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵахь инагоуп 60 рҟынӡа усумҭа. Дара Ацәыргақәҵатә зал аҿы иқәыргылахоит хәажәкыра 15 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Есышықәсатәи ааԥынтә цәыргақәҵа аатит Аҟәа, хәажәкыра 3 рзы.

Ааԥынтәи раԥхьатәи ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵахь инагоуп 60 рҟынӡа усумҭа. Дара Ацәыргақәҵатә зал аҿы иқәыргылахоит хәажәкыра 15 рҟынӡа. Ацәыргақәҵа азырхоуп Аҳәса рымшныҳәа.

Ааԥынтәи раԥхьатәи ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа

"Аусумҭақәа иҵегь еиҳаны иҳадгалан аха Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла акомиссиа еилнаҟәшәеит. Ари цәыргақәҵатә залуп, ара иӡырырго аусумҭақәагьы рыхәшьара ҳаракызароуп. Ацәыргақәҵа атематика – ааԥын ауп", - иҳәоит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа.

Иара иажәақәа рыла ирацәоуп аҿар русумҭақәа.

Ааԥынтәи раԥхьатәи ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа

"Уи агәахәара унаҭоит. Аҿар ахаарԥшра ргәы азыҳәоит", - иҳәеит Џьниа.

Шәҩыла ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ацәыргақәҵа иаҭааит.

Ацәыргақәҵа аус ауеит хәажәкыра 15 рҟынӡа.

Ааԥынтәи раԥхьатәи ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа