Адгәыр Арӡынба Апарламент ахь днеит Бганбеи иареи реицәажәаразы

Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы хәажәкыра 2 рзы ахадарахьы акандидатцәа алхраԥхьатә компаниа амҩаԥгара шааныркыло азы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Адгәыр Арӡынба Апарламент ахь днеит Бганбеи иареи реицәажәаразы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аиԥылара иалахәуп Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, адепутатцәа.

Хышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбрахь инеиит Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟаҵо. Аамҭақәак рышьҭахь министрцәақәак, араионқәа рхадацәа, АКХ ахантәаҩы, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы рнапынҵақәа шьҭарҵарц адҵа ҟарҵеит.

Еизаз рыдҵақәа ируакуп Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иҭыԥ ааныжьра.

Абри атәы далацәажәеит Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа. Иара иажәақәа рыла ари Рауль Смыр ахадарахьы акандидат Адгәыр Смыр ианшьа ахьиакәу ауп издырҳәало.

Леонид Лакербаиа иара убасгьы иҳәоит Аслан Бжьаниа алхрақәа дрылахәымхозар, алхрақәа рыҿҳәара инахатәуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: