Адгәыр Арӡынба иҳәеит Бжьаниа ида алхрақәа ихаҿы ишизаамго

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит Бжьаниа ида алхрақәа иузудымкыло акоуп, уи иашам. Аҭыԥ аҟынтәи абри ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Леонид Лакербаиа Бжьаниа иштаб апозициазы: ҳара ҳада алхрақәа ҟалом

Иара убасгьы иҳәеит, хара имгакәа Леонид ӠаԥшьбеиБадра Гәынбеи дрыҿцәажәараны дшыҟоу, иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Иахьа Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Бжьаниа игәамбзиара иахҟьаны алхрақәа дрылахәымхар, алхрақәа рыҿҳәара анахара азҵаара цәырҵуеит ҳәа.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа рыхԥагьы аҳәамҭа ҟарҵеит алхраԥхьатә агитациа шааныркыло азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: