Аслан Бжьаниа акома далҵит

Хәажәкыра 2 рзы Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны игәабзиара бааԥсхеит ҳәа, аҳақьымцәа раԥхьатәи рдиагноз - адабла ауп. Авертолиот ала Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь днагоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

"Адинамика бзиа убартә иҟоуп. Акома ԥсабаратәны акәымкәа хәшәыркыла далагалан. Уажәы уи далгоуп. Аслан Бжьаниа иԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам", - иҳәеит иара.

Ренат Қарчаа иажәақәа рыла Аслан Бжьаниа иуҳәо-иууа еиликаауеит.

"Инапқәа, ишьапқәа аус руеит. Адабла исит ҳәа адыррақәа ыҟан, аха иахьатәи иҭагылазаашьа уи ауҳәансҳәан ҿаԥнаҽуеит", - иҳәеит иара.

Бжьаниа ихәышәтәразы аҳақьымцәа агәыӷра дуқәа рымоуп.

"Макьаназы анализқәа ирҿуп, иҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Аԥшреи ачҳареи аҭахуп. Аҳақьымцәа рыдиагноз макьаназы аԥхьанатәтәуп, атоксикологиа аганахь алагьы еиҭаҭҵаахоит", - иҳәоит Ренат Қарчаа.

Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убасгьы адырра ыҟоуп аштабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: