Бжьаниа иштаб алхрақәа рыҿҳәара анахара атәы иалацәажәоит

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3– Sputnik. Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа аҳәамҭа ҟаиҵеит ркандидат алхрақәа дрылахәымхозар, аштаб азҵаара ықәнаргылоит абжьыҭира арыцхә анахаразы ҳәа.

Лакербаиа абри иҳәеит Аминистрцәа реилазаара ашҭаҿ еизаз рҿаԥхьа.

Иара убасгьы иҳәеит Бжьаниа игәабзиара атәы зҳәо ашәҟәқәа Краснодарнтәи раара ишазыԥшу.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Акциа алахәылацәа аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи рнапынҵақәа шьҭарҵароуп рҳәоит

Иахьа, хәажәкыра 3 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: