Россотрудничество "Агәымшәара аурокқәа" мҩаԥнагараны иҟоуп

Аиааира амшныҳәа аламҭалаз имҩаԥгахо аурокқәа ахықәкы – аҿар аветеранцәа раҳаҭыр абара, иҭахаз афырхацәа рхамшҭра рылааӡароуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 75-шықәса ахыҵра аламҭалазы Россотрудничество Аԥсны имҩаԥнагоит "Агәымшәара аурокқәа".

Путин аиааира амшныҳәахь иааиԥхьеит ОДКБ атәылақәа рхадацәа

Хәажәкыра 10 рзы аурок мҩаԥгахоит аҟәатәи ашкол №2 аҟны. Ахәыҷқәа аветеранцәа рыхьӡала ашәҟәқәа рыҩуеит. Дара ирзеиҭарҳәоит асовет ԥырҩы Александр Покрышкин иӡбахә, иддырбоит афильм "Небесный тихоход".

Хәажәкыра 18 рзы, аӡаӡаҟа-мшынуаҩ Имш азы аҽа урокгьы мҩаԥгахоит Гәылрыԥшь араион 10-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы. Ашколхәыҷқәа аԥсышәала, урысшәала, ерманы бызшәала аветеранцәа рыхьӡала ашәҟәқәа ҩны инаргоит.

Хәажәкыра 25 рзы, СССР Афырхаҵа, апартизантә отриад аԥшыхәыҩ Александр Чекалкин имшираан аҟәатәи ашколқәа руак аҿы имҩаԥгахоит "Агәымшәара аурок".

Ауснагӡатә ахықәкы – аҿар аветеранцәа раҳаҭыр абара, иҭахаз афырхацәа рхамшҭра рылааӡароуп.