Симонов иажәеинраалақәеи Банков иплакатқәеи апостер-поемаҿы

Апроект #Аиааира адаҟьақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу раԥхьатәи апостер-поема аусумҭа азкуп еицырдыруа ажәеинраала "Бысзыԥшыз".
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Еицырдыруа аурыс сахьаҭыхыҩ Пиотр Банков иплакатқәеи аибашьра аамҭа иазку ажәеинраалақәеи ашәақәеи еилаӡҩоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аиааира 75-шықәса ахыҵра иазку RT апроект ҿыц аҿы.

Пиотр Банков иплакатқәа рсериа хьӡыс иаиуит: "Аибашьра иазку ԥшь-цәаҳәак".

Апостер-поема аԥхьатәи аусумҭақәа изкхоит Константин Симонов. Алагалажәа иҩуеит апоет иԥа - арежиссиор, ажурналист Алексеи Симонов. Апроект #Аиааира адаҟьақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу раԥхьатәи апостер-поема аусумҭа азкуп еицырдыруа ажәеинраала "Бысзыԥшыз".

Уаанӡа, ажьырныҳәа анҵәамҭазы RT иӡырнагеит апроект ҷыда #СтраницыПобеды VR-фильм "Уроки Аушвица". Иара азкуп Аушвиц-Биркенау (Освенцим) ахақәиҭтәра 75-шықәса ахыҵра.

#Аиааира адаҟьақәа ажәабжьқәа рдырразы шәхы иашәырхәар ҟалоит: Instagram, YouTube, "ВКонтакте", Twitter.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: