Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәырҭақәа рҟны акарантин ӷәӷәа аланагалоит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр идҵала Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура ашьаҭала иеиҿкаахоит акоронавирус хкҿыц аҭҵааразы азыҟаҵарақәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра акарантин аланагалоит ахәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҟны 2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Авирус иаҿагылоу ахәшәқәеи асабрадақәеи Урыстәыла ралгара азин ааныркылеит

Акарантин алагалахоит акоронавирус ахк ҿыц иаҿагыланы ақәԥаразы иақәнагоу Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара астандартқәа ахьышьақәыргылоу 18 ҭыԥ рҟны.

Аминистр идҵала ахәшәтәратә усҳәарҭақәа рмедперсонал рхы иадырхәаралоуп русураан ахыхьчагақәа. Иара убасгьы имҩаԥгалатәуп адкыларҭақәа рҿы аультрафиолеттә рԥхарра. Ачымазцәа рыуацәеи рҭааҩцәеи рнеира акыр иԥкхоит.

Адҵа ахылаԥшра инапы ианҵоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: