Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Ԥсоу аҳәаа иахыгоуп

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 15-20 тонна амимоза Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахыргоит Аҳәса рымшныҳәа аламҭалазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Жәабранмза аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 100 тоннак рҟынӡа амимоза аҳәаа иахыргахьеит ҳәа азгәарҭоит аҳазалхыҩцәа.

Хәажәкыра 8 аламҭалазы ари ахышәа-ҵышәа еиҳагьы еиҳахеит. Ииасыз амҽышазы аҳәаа иахыган 12 тонна ашәҭ. 2020 шықәса рзы иазԥхьагәаҭоуп 130 тонна амимоза ашәҟәҭагалара. 2019 шықәса рзы аҳәаа иахыган 150 тонна. Аҳазалхратә еилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа амимоза ахә 107 мааҭ артәоит кьылак азы.

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа аа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннак аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.

Аккомерциатә партиақәа ирмариоу ашәҟәҭагалара иахысуеит, аҳазалхратә усмҩаԥгатәқәа рырццакразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: