Арадио

Аџьба акоронавирус аҽацәыхьчаразы ахәшәқәа рзы: гуманитартә цхыраараны ҳарзыԥшуп

Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра Афармациа аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акоронавирус иазырхоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирыҵаркуа атәы.
Sputnik

Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра акарантин аланагалоит ахәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҟны мшаԥы 7–нӡа. Акарантин алагалахоит акоронавирус ахк ҿыц иаҿагыланы ақәԥаразы иақәнагоу Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ашәагазагақәа ахьышьақәыргылоу аҭыԥқәа 18 рҟны.

 

Аџьба акоронавирус аҽацәыхьчаразы ахәшәқәа рзы: гуманитартә цхыраараны ҳарзыԥшуп

"Акоронавирус иазырхоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа аднакылоит аминистрра, аҿкы чымазара аҽацәыхьчаразы ахәшәқәа рыла ҳтәыла аҩнуҵҟа еиқәҳаршәеит, иҵегьы ахәшәқәа раҳҭараны ҳаҟоуп. Урыстәылаҟа ашәҟәы ҳашьҭит ацхыраара аганахьала, аҭак ҳазыԥшуп иаҭаху амаҭәарқәа рыла ҳаиқәдыршәарц. Амедицинатә сабрадақәа зехьынџьара иҟаӡам, иара убасгьы рыхә иаҳа ишьҭыҵит. Уажәы Урыстәыла 15-20 мааҭ еиҵаны ирҭиӡом, уаанӡа мааҭк иаԥсан. Уа ианышьҭыҵуа ҳара ҳҟынгьы ишьҭырхуеит. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь Урыстәыла уажәы азин рымаӡам амедицинатә маҭәахәқәа рыҭира, убри аҟынтәи ҳара ахәшәқәа ҳаур ҳалшоит агуманитартә цхыраара аҳасабала", - иҳәеит  Аџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: