Арадио

Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба): Шьамтәыла аибашьра Ҭырқәтәыла алахәымзароуп

Ҭырқәтәыла апарламент адепутат Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит апарламент аҿы иҟаз аидыслара атәы.
Sputnik
Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба): Шьамтәыла аибашьра Ҭырқәтәыла алахәымзароуп

Ҭырқәтәыла апарламент адепутат Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) атәыла ахада Таиип Ердоган иахь иҟаиҵаз ахарадҵа иахҟьаны апарламент аҩныҵҟа аидыслара ҟалеит. Ҳџьынџьуаҩ Шьамтәылатәи ахҭысқәа рҭагылазаашьа арӷәӷәара Ҭырқәтәыла ахада ихараиҵеит.

Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла адемократиа зынӡаск иҟаӡам. Уцәажәар, ак уҩыр, уқәгылар уҭаркуеит, аха ҳара ҳҭаркуеит ҳәа ҳшәаны ҳтәам, ҳаззыразым атәы иаартны иаҳҳәоит, азгәеиҭеит иара.

"Сара уажәраанӡагьы аиаша сҳәон, ари ашьҭахьгьы исҳәалоит. Ҭырқәтәыла Шьамтәыла иҟарҵо ииашаӡам, Идлиб иҟам атеррористтә гәыԥқәа, уа дара-дара рус ҟарҵароуп, еилибаргароуп, ҳара уа ус ҳамаӡам. Ҳаҷкәынцәа ԥсуеит, уи азы ҳгәы былуеит, ҳпартиа уи ииашаӡам ҳәа Ҭырқәтәыла ианаҳәоит, адунеи аҿгьы ираҳауеит. Ҭырқәтәыла ари аибашьраҿы иҟамзароуп",– ҳәа иҳәеит Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба).

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: