Конашенков: Идлиб атеррористцәеи ҭырқәтәылатәи аԥыԥшырҭақәеи еилаҵәеит

© AFP 2023 / OMAR HAJ KADOURДым над контролируемой повстанцами деревней Афиш недалеко от удерживаемого режимом города Саракеб
Дым над контролируемой повстанцами деревней Афиш недалеко от удерживаемого режимом города Саракеб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла аганахьала шықәсыки бжаки имҩаԥысуаз шәачатәи аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәахеит Идлиб атеррористцәеи ҭырқәтәылатәи аԥыԥшырҭақәеи реилаҵәара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Шьамтәыла аганахьала шықәсыки бжаки имҩаԥысуаз шәачатәи аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәахеит Идлиб атеррористцәеи ҭырқәтәылатәи аԥыԥшырҭақәеи реилаҵәара ҳәа аҳәамҭа ҟазҵаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков иара убас иҳәеит адеескалациа идлибтәи азонаҿы шьамтәылатәи ар атеррористтә гәыԥ "Хайят Тахрир Аш-Шам" Алеппо иацәхьаркит ҳәа.

Мраҭашәаратәи атәылақәа реиԥш ЕАРгьы 2018 шықәса рзы Идлиб аганахьала шәачатәи аиқәшаҳаҭрақәа ибзиоуп ҳәа рхырҳәааит. Аиқәшаҳаҭраҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылон адеискалациа идлибтәи азона аҳәаақәа рҟынтәи 15-20 километра атеррористцәа ралцареи артиллериа хьанҭа алгареи рзы Ҭырқәтәыла ахыдҵақәа.

"Уи ацынхәрас, 18 мзы рыҩныҵҟа ЕАР официалла итеррористтә гәыԥқәоуп ҳәа иашьаз "Хайят Тахрир Аш-Шам",* "Исламскаиа партиа Туркестана", "Хорас ад-Дин" "абжьаратә оппозициаа" рыруаа ҭырқәтәылатәи аҳәаахь икыдырцалеит", - иҳәеит Конашенков.

Ааигәатәи аҭынч уааԥсыра реиланхарҭақәеи урыстәылатәи аҳаиртә баӷәаза Хмеимими иааиԥмырҟьаӡакәа артиллериала ирылахысуеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Уи адагьы Конашенков иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла жәларбжьаратәи азин еилаганы Идлибҟа ахатә ар шынанашьҭыз, Мраҭашәара уи ҽмырба ишазнауа.

Аинрал-маиор иажәақәа рыла жәабранмза иаалагазар аофицалтә Дамаск "арратә цәгьоурақәеи, агуманитартә рыцҳареи, миллионла ахҵәацәеи" аԥнаҵеит ҳәа ахара ахарарҵоит Мраҭашәаратәи атәылақәа ҳәа иҳәоит Конашенков.

Уи адагьы ЕААи Европеи Шьамтәыла ар зегь рхәашаны, автомҩа М5 атеррористцәа рнапахьы архынҳәра "Анкара зы азакәаншьаҭа змоу зинуп" ҳәа ахырҳәаауеит ҳәа азгәеиҭоит иара.

Сирия. Идлиб - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Идлиб аҭагылазаашьа аҽарххеит

"Мраҭашәара Идлиб иахьаҵанакуа агуманитартә ҭагылазаашьа агәҭынчымра анаҭошәа аҽхырцәажәараан еиҿагылоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи Ацентри шьамтәылатәи анапхгареи заҵәык роуп зых иақәиҭтәу араионқәа рахь аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы ацхыраара ҟазҵо", - иҳәоит Конашенков.

"Хайят Тахрир аш-Шам" атеррористцәа жәабран 27 рзы шьамтәылатәи аиҳабыратә ар ирыжәло ианалага ахымца ҭак роуит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла убри аан ара иҟазар зыхәҭамыз ҭырқәтәылатәи аруаа ахәрақәа роуит, иҭахеит 36-ҩык.

Урыстәылатәи аган иалшоз зегь ҟанаҵеит шьамтәылатәи ар ахымца ныркыларци иҭахази ахәрақәа заузи Ҭырқәтәыла аҵакырахь риагарази.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Анкара Идлиб аганахьала ахыдҵақәа зегь шынанамыгӡаз, хаҭала аиҳабыра рахь адиалог иазыхиаз аоппозициааи атеррористцәеи шеиҟәнамшаз.

Цәыббра 18, 2018 шықәсазтәи аурыс-аҭырқәа еиқәшаҳаҭра, Владимир Путини Реджеп Таип Ердогани реиԥылара ашьҭахь анапы зҵаҩыз, аҟны иаҳәоит аҭырқәа ар рыҟазааразы статус-кво шьақәыргылатәуп ҳәа, аха уи азы Идлибстәи азонаҟынтә атеррористтә радикалтә гәыԥқәа жьҭаара 15 2018 шықәсанӡа иалгатәуп ҳәа.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0