Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант " мҩаԥгахоит Аҟәа

Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" азкуп Аиааира ду 75-шықәса ахыҵра 2020 шықәса рзы имҩаԥысуеит 40 тәыла рҿы. 2019 шықәса рзы адиктант рыҩуан 23 тәыла рҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" мҩаԥгахоит Аҟәа мшаԥы 24 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" анапхгаҩы Вадим Чеха.

Чеха иажәақәа рыла, акциа мҩаԥысуеит аҟәатәи абжьаратә школқәа №10, №3, очамчыратәи абжьаратә школ №2, гагратәи абиблиотека хадаҿи драндатәи абжьаратә школ аҿи. Адиктант шьақәгылоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҭоурых иазку азҵаарақәа рыла.

Иалахәхар рылшоит изҭаху зегьы.

"Аԥсны еснагь Аиааира амшныҳәа гәыкала иазнеиуеит, ҳаидызкыло ныҳәаны иахәаԥшуеит. Абри аҿы аԥсуа жәлар Евроазиатәи аҵакыра атәылақәа рзы иҿырԥшыгоуп", - азгәеиҭоит Чеха.

Атест алҵшәақәа реилкаара алшоит асаит диктантпобеды.рф. аҿы.

Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" азкуп Аиааира ду 75-шықәса ахыҵра 2020 шықәса рзы имҩаԥысуеит 40 тәыла рҿы.

2019 шықәса рзы адиктант рыҩуан 23 тәыла рҿы.