"Аԥсуа икультураҿы аԥҳәыс аԥсҭазаара дахыҵхырҭаны акәын дышлыхәаԥшуаз. Исгәалашәоит, хаҵеи ԥҳәыси ҽыжәланы ианныҟәоз, ҳаҭыр еиқәҵаны, пату еиқәҵаны, аԥҳәыс ахаҵа ишьамхы дықәыргыланы дҽыжәихуан, дҽыжәиҵон. Уск рыӡбозаргьы дадыргалон аԥҳәыс, сҭаршинасгьы дҟарҵон. Аҩны ахәышҭаарамца аԥҳәыс дыҩнамкәа изыԥхом, акгьы азыҟаҵом. Академик Марр Кавказтәи абызшәеи акультуреи маӡас иаҵоу, цыԥхас иамоу, аԥсуаа ркультуроуп, урҭ рбызшәоуп ҳәа ииҳәоз, иахьа уи агәра угартә иҟам. Еимак дуӡӡак ыҟазар аԥҳәыс лкасыш аалхыхны ианбжьадыршә, урҭ рус ӡбан. Шьушьанка Хьациаԥҳа даҳгәалаҳаршәозар, марттәи ажәылараан ҳаҷкәынцәа 220-ҩык анышә иамаданы ианрымаз даақәгылан илҳәаз лажәа. Аԥҳәыс лроль жәытәгьы-ҿатәгьы аԥхьа игылан, иахьагьы ус иҟазароуп", - азгәеиҭеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥҳәыс илыхшеит, аха аԥҳәыс дырҭахӡам, мамзаргьы Тҟәарчалтәи адрама
Хә-ҟазшьак аазырԥшуа: аԥҳәыс лроль аԥсуаа ртрадициатә культураҿы