Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Уагьынзырхо, уагьыхзырҵәо
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аԥҳәыс еснагь иҳаракыу аҭыԥ аанылкылон. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа зымҵаныҳәо анцәахәқәа рҟынгьы аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәа шеиҳау убоит. Иара зегь иреиҳау мчны иԥхьаӡо Анцәа ихьӡ акәзаргьы, ажәа "ан" аҟынтәи иаауеит. Аԥҳәыс лроль шҳаракыз аадырԥшуеит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәагьы. Уи Саҭанеи Гәашьеи Гәында-ԥшӡеи рхаҿсахьа уҳәару, аҭоурых-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҟны иаарԥшу Баалоу-ԥҳа Мадина леиԥш иҟоу афырԥҳәызбацәа инадыркны аԥсуа лакәқәа рҟны иуԥыло аҭаца ҟәыш лхаҿсахьа уҳәа ирацәаны.
Аԥҳәыс илыхҟьаны жәларык еиҿагыланы еибашьыргьы ауан, ус еиԥш Аԥсны аҭоурыхгьы иадыруеит. Убас Шьалуа Инал-иԥа ишиҩуа ала, VI ашәышықәса азбжазы аԥсилаа аԥҳәыс лыпату ахьчаразы усҟантәи аамҭазы Ҵабал иҟаз агарнизон зегь ықәырхит, атәымуаҩ дааны ахьымӡӷ шԥаҳиргоз ҳәа. Аха убри аан аԥҳәыс лҭыԥ лдыруа дыҟан. Иаҳҳәап, аԥҳәыс ахаҵа иаасҭа дыррала деиҳазаргьы, ауаа рҟны уи аалырԥшуамызт, лара лҵаҳәақәа рыла ахаҵа аиааира илыргон. Убри азоуп изырҳәогьы аԥҳәыс илҭаххар, унлырхоит, ианамуӡагь – ухлырҵәоит ҳәа.
Аԥсуаа ишырҳәо ала, иҟоуп хә-ҟазшьак аазырԥшуа аҳәса: амшәԥҳәыс, афырԥҳәызба, абырфынԥҳәыс, агәарабжьараԥҳәыс, агәараԥҳәыс.
- Амшәԥҳәыс ҳәа иҟаз лгәаҿы ахахәы аауан, уыбрыи азыҳәаны уи лгара зегьы ирзыгәаӷьуамызт. Аха уи илхылҵуаз цәгьа дуаҩы ԥшӡахон, дыӷәӷәахон ҳәа еиҭарҳәоит ажәытәуаа.
- Афырԥҳәызба – уи ҳаамҭагьы дагым ус еиԥш иҟоу, Аԥснытәи аџьынџьтәылатә еибашьра имаҷымкәа афырԥҳәызбацәа ҳнарбеит.
- Ахԥатәи, абырфынԥҳәыс ҳәа иҟоу, ишырҳәо ала, "ашьац таата еигӡан зшьапы ылазмыргыло" ҳәа ззырҳәо дреиуоуп.
- Аԥшьбатәи акатегориахь даҵанакуеит агәарабжьараԥҳәыс. Аӡәы ишиҳәаз иуҳәозар, "урҭ иахьа ҳархырыҩны ҳкаҳауеит. Агәылара иааҟәымҵӡакәан ицот, иаха бхаҵа ибеиҳәеи, уҳәансҳәан, ана акофе ыжәуа, ара акофе ыжәуа".
- Ахәбатәи, агәараԥҳәыс – аҩназы зегь ҟалҵоит, аха аҩны дындәылҵыр, акгьы лылшом.
Иазгәаҭатәуп, ҵарада аҵара змаз ауаа, аԥсабареи иара аԥсҭазаара ахаҭеи ашьклаԥшрала иҟарҵоз алкаақәа иҵабыргыхаҭаны иубо ишыҟоу.
Иахьатәи ҳаамҭазы имҩаԥысуа аполитактә процессқәа ҳрыхәаԥшуазар, Ахада иадминистрациа аԥхьа арҭ амшқәа рзы еизаз рыбжьы аҟынтәи аҳәса рыбжьы "вперед" ҳәа иаалыҩуаз, аӷа ихыбра иақәлозшәа, ашә ԥышәҽ ҳәа ахацәа зыраапкуаз, хыхь зыӡбахә сҳәоз аҳәса фырԥҳәызбацәа ркатегориахь иузаҵакуама?
Аимак змаз аԥҳәыс данрыбжьагылалак, аибашьрагьы аанылкылозҭгьы, иахьа зегь еиҟарауаахеит, аԥҳәысгьы, ахаҵагьы, аиҳабгьы, аиҵыбгьы. Досу рхатә ганахь ишахо ала, аӡәы иаҳа хшыҩла даҽаӡәы диеиҳауп ҳәагьы узҳәом.
Иарбан ԥеиԥшу аԥсҭазаара иаҳзаанагаша, "ҳанзырхо акәу, ҳахзырҵәо акәу" аҳәара уадаҩуп. Ашәак аҟны ишҳәаз еиԥш, "зегь зыӡбо Анцәа иоуп, даҽа маҷк – ауаа роуп"…
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кьычба: аԥҳәыс лаҳаҭыр аҩнаҭаҿы ианыҳараку, ахаҵа иоуп изыбзоуроу
-
Џьапуаԥҳа дазааҭгылеит аԥсуа ԥҳәызба Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы ллагала