Аҩада Ешыра иахьаҵанакуа амца ахьаку абнараҿынӡа амцарцәаҩцәа зымнеит

Аҩада Ешыра иахьаҵанакуа абнара амца акит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан хәажәкыра 5 амш аҩбатәи ахәҭазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҩада Ешыра иахьаҵанакуа амца ахьаку абнараҿынӡа амцарцәаҩцәа зымнеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Арҭ аҭыԥқәа рахь анеира уадаҩуп. Аҭыԥ ахь атехника зымнеит, амцарцәаҩцәа шьапыла идәықәлеит аха амцакра ахьыҟаҵәҟьоу изымнеиит. Иацтәи адыррақәа рыла амцакра ахышәа-ҵышәа гектарк аҟара ыҟоуп", - иҳәеит Гындиа.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа ахылаԥшра шарҭо.

2019 шықәса анҵәамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуаз 11 000 гектар рҟынӡа абнарақәа амца ркын. Арахь ацхырааразы иааган авертолиот Ми-8, аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Шьаҭанкыла амца ырцәан ԥхынҷкәын 27 рзы.