Арадио

Касланӡиа амца азыркуа рзы: закәанла рахьырхәра иахьала излымшо усуп

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аоперативтә ҷаԥшьаҩы Алхас Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Гал араион абылрақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Касланӡиа амца азыркуа рзы: закәанла рахьырхәра иахьала излымшо усуп

"Иахьала ақыҭа Хәумушькәыр 25 гектар инацны араса блит. Ақыҭа Шьашьикәара ҩ-гектарк инацны абна блит, Ҭагалангьы ҩ-гектарк инацны, убасгьы ақыҭа Клыхәра 10 гектарк инацны абна блит. Амцакрақәа зыхҟьо ауаа роуп. Ус ииасуа ҭаҭынк карыжьыр алшоит, ма мцак адыркуеит аанда дрыцқьарц. Есышықәса Гал амцакрақәа рацәоуп, иацымлозар, иагхом. Ауаҩы амца азыркуа схаҭа дызбар сиацәҳауеит. Азакәан аганахьала дахьурхәыр алшоит ҳәа ҳхәозар, излымҵыз усуп иахьала", - иҳәеит Касланӡиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.