Арадио

Нанба амлашьра иалахәу рзы: ҳала ишабо иԥсуеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа амлашьра иалахәу иахьатәи амш азы рус аныӡбамха ажәлар рахь ааԥхьара шыҟаҵахо.
Sputnik

Аҟәа амлашьра иаҿу ирыдгылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа гәыԥҩык Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аиԥылара мҩаԥыргеит хәажәкыра 9 рзы. Дара аҳәамҭа ҟарҵеит азеиԥшмилаҭтә еизара амҩаԥгаразы ааԥхьара шыҟарҵо Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларымгалар.

Нанба амлашьра иалахәу рзы: ҳала ишабо иԥсуеит

"Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны еизеит аибашьраан адҵаҟаҵаҩцәас иҟази егьырҭ аветеранцәеи. Жәлар Реизара адепутатцәа аҵарҭышагара иазку азакәан инҭкааны, ишахәҭоу иахьрыдрымкылаз, русура аԥсыҽра иахҟьаны Ахақәиҭра ашҭаҟны ауаа ахьтәоу азы аус ҳзырццакуазар ҳәа хырхарҭақәак ҳадаҳкыларц ҳаизеит. Ҳара аизараҟны иҳадаҳкылаз ааԥхьара адепутат Асҭамыр Логуа инапы ианаҳҵеит Апарламент аҟны инеигарц, иахәаԥшырц. Иахьатәи амш иалагӡаны ӡбамҭак анрыдрымкыла, уаҵәы ааԥхьара ҟарҵоит, ажәлар еизыргоит Апарламент аԥхьа, Ахақәиҭра ашҭаҟны.

Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аконвенциа аҩажәатәи ахәҭаҷ адунеи атәылақәа иахьрыдыркылаз рацәоуп. Ауаа жәамш ирықәуп имлашьуеижьҭеи, ҳала ишабо иалаҳхыз адепутатцәа урҭ ауаа хьаас ирымкит, аҷкәынцәа (амлашьра алахәцәа - аред.) ҳала ишабо иԥсуеит", - иҳәеит Нанба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: