Арадио

Адлеиԥҳа Тҟәарчалтәи амузыкатә школ азы: ҳгәы ахны ҳнеиуеит аусура

Тҟәарчалтәи амузыкатә школ аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит рышкол аусура шеиҿкаау, уадаҩрас ирымоу.
Sputnik
Адлеиԥҳа Тҟәарчалтәи амузыкатә школ азы: ҳгәы ахны ҳнеиуеит аусура

"Ашкол аҟны аҟәшақәа хԥа ҳамоуп: жәлар ринструментқәа, афортепиано, аскрипка сынтәа иааҳартит. Уахь ахәыҷқәа рацәаны иҳадаҳкылеит, аҟәша ҿыцуп азы. Ашкол аҟны 85-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Урҭ аҵара дзырҵо арҵаҩцәа аҿарацәа ҳамаӡам, избанзар Тҟәарчалҟа ихынҳәыр рҭахым. Ҳашкол ахыбра 50 шықәса ахыҵуеит, аха аҭагылазаашьа даара ибзиоуп, аусура ҳгәы ахны ҳнеиуеит, иахьазы зегь рыла ҳаиқәшәоуп, аха ҳзыԥсахша, аҟазацәа аҿарацәа ҳҭахуп", - лҳәеит Адлеиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: