Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хаҳәбиаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал актәи ашкол аҟны афронталтә гәаҭарақәа шцо

© Foto / предоставлено Фросей ХахубияФросиа Хаҳәбиаԥҳа
Фросиа Хаҳәбиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчала араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколқәа рҟны иахьазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчалтәи ашколқәа ирызкны

"Иахьа март 4 рыҽны ҳалацәажәоит Аԥсны асовет мчра шышьақәгылаз атәы. Иахьа имҩаԥган акласстә сааҭқәа Аԥсны Раԥхьатәи ахада игәалашәара амш иадҳәаланы, иара убас дыргәаладыршәеит изиира мшу Аԥсны аҩбатәи ахада. Ашколқәа зегьы рҟны ашьыжь ацәаҳәақәа мҩаԥган, абарҭқәа ирылацәажәан. Ақалақь агәаны игылоу Владислав Арӡынба ибаҟаҿы ашколхәыҷқәа ишьҭарҵеит ашәҭқәа. Убасгьы араион аҟны планла иазгәаҭаз афронталтә гәаҭара цоит актәи абжьаратә школ аҟны. Есхәышәықәса рахьынтә знык школк аҟны инҭырҳәыцааны агәаҭарақәа цоит, ашкол аҟны ицо аҵара-ааӡаратә процесс ахәшьара аҭахоит", - лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0