Артур Анқәаб иус аӡбарҭахь инашьҭуп

Артур Анқәаб 2019 шықәса рзы Аԥсны ахада иалхрақәа кандидатк иаҳасаб ала дрылахәын. Иара ахара идырҵоит ауаҩы диӷьычит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11- Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инанашьҭит Армен Григориан диӷьычит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Артур Анқәаб иус. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Артур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Армен Григориан абҵара 24 рзы аԥсыжырҭа "Лечкоп" араион аҿы идырым џьоукы дырӷьычит. Иара дрыԥшааит ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион аҿы. Артур Анқәаб дааныркылеит ԥхынҷкәын 6, 2019 шықәса рзы Армен Григориан иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Артур Анқәаб 2019 шықәса рзы Аԥсны ахада иалхрақәа кандидатк иаҳасаб ала дрылахәын.

Актәи атур аан иара изы рыбжьы рҭиит 1,6% ауааԥсыра.

2017 шықәса рзы Анқәаб иԥшаара рылаҳәан 2016 шықәса нанҳәа 9 рзы иареи Анри Аргәыни ауаҩы дыхәны иахьыбналаз азы.

2018 шықәса рзы ҩышықәса иқәҵан. Иара убри ашықәс азы амнистиа даҵаркны ихы дақәиҭтәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: