Аслан Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭа дылырҩааит

Аслан Бжьаниа игәҭакуп аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы Москваҟа амҩа ақәлара. Аԥсныҟа даараны дыҟоуп амчыбжь анҵәамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа хәажәкыра 11 рзы Краснодартәи ахәышәтәырҭа дылырҩааит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аштаб ахаҭарнак Алхас Ҷолокәуа.

Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз

Бжьаниа иажәақәа рыла иара игәабзиара шьақәгылоуп.

"Уажәы Москваҟа ацара игәҭакуп. Алхратә процессқәа ирыдҳәало аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥгатәуп. Аԥсныҟа даараны дыҟоуп амчыбжь анҵәамҭазы" - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа хәажәкыра 2 рзы иаалырҟьаны Шәача аклиникақәа руак дҭашәеит. Уи иҭагылазаашьа акыр иахьуашәшәыраз азы амедикаментозтә кома далагалан. Ԥыҭрак ашьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Краснодарҟа диаган. Хәажәкыра 3 рзы уи акома далҵит, иҭагылазаашьа еиӷьхеит.

Хәажәкыра 5 рзы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит аԥсуа политик игәабзиара хар амам, аиӷьхара иаҿуп ҳәа.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: