Хәажәкыра 11 рзы Аҟәа амитинг мҩаԥган. Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа хәажәкыра 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра иалагеит. Урҭ ирыдгыло ауаажәлар ажәабатәи амш аҽны еизеит Аҟәа.
"Ҳажәлар аибашьра ду анырхырга ашьҭахь, аӡәгьы ҳгәы иаанагаӡомызт аԥсуаа ҳадгьыл аҟны ҳанеизынхалак, ас еиԥш иҟалоит ҳәа. Атәыла анапхгарахь инеиуа акгьы ддырҟаҵаӡом, урҭ рышьҭахь игылоуп Аԥсынра амал 90 процент зџьыба иҭоу, аҳәынҭқарра акгьы амаӡам. Ас еиԥш ҳанақәшәах, ичҳаны амҩа иқәаҳҵап. Акзаҵәык ҳазхәыцып, абас ҳхымҩаԥгашьақәа ирыхҟьаны аҳәынҭқарра ҳамырхыр, адунеи иалаԥсоу Кавказ иахыргаз зегьы, Аԥсны ҳаԥсадгьыл ҳәа изшьо, бираҟс изхагылоу шаҟа ирыцҳахо ҳазхәыцуама", - иҳәеит Қәираиа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Какалиа: адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа алаҳгалоит рҳәеит
Нанба амлашьра иалахәу рзы: ҳала ишабо иԥсуеит